Иорданиа анапхгара Израильнтә рыцҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит
Иорданиа анапхгара Израильнтә рыцҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит

Иордания анапхгара, апротест ҟаҵаны, Израильнтә рыцҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит.   Иорданиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала,  ари аӡбара рыдыркылеит Ҕаза асектораҿ Израиль имҩаҧнаго аоперациа амшала.

Иорданиа Адәныҟатәи аусқәа рминистра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аоперациа анагӡара арегиони жәларбжьаратәи аҭынчреи азы ашәарҭара ду ахылҵуеит.