«Дельта»  аҿы аҧшыхәаратә акәылӡтранспортиор ҿыц аӡыргара мҩаҧысит  [афото]
 «Дельта»  аҿы аҧшыхәаратә акәылӡтранспортиор ҿыц аӡыргара мҩаҧысит  [афото]

Аилахәыра «Дельта»  аҿы аҧшыхәаратә акәылӡтранспортиор ҿыци, амедицинатә евакуациазы акәылӡтранпортниор «Дидгории», акәылӡжилетқәеи, амынаршәгагақәеи рӡыргара мҩаҧысит.

Аӡыргараҿы иҟан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Зураб Азарашвилии.

Джуаншер  Бурҷуладзе ишиҳәаз ала, иааиуа ашықәс азы Атәылахьчара аминистрра Атәылахьчаратә мчқәа иранаҭоит атәылаҿы иҟаҵоу аҧшыхәаратә машьынақәа ааба.

«Иахьа  «Дельта» қәҿиарала имҩаҧгаз даҽа проектк аабеит. Ҳтәылаҿы иҟаҵоу аҧшыхәаратә машьынақәа рхаҭабзиара шыҳараку жәбоит. Иааиуа ашықәс азы Атәылахьчаратә мчқәа ираҳҭоит абри аҩыза 8 машьынак.

Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп  «Дидгори» иҟаз агхақәа зегьы шаҧыху, ҳзауад аалыҵ есымша еиҕьхоит.  Ҵыҧх, Атәылахьчаратә мчқәа ироуит Қырҭтәыла иҟаҵаз  40 цыра атехника, ҳаҧхьаҟа иҵегьы 8 машьынак роуеит», — иҳәеит Джуаншер Бурҷуладзе.