Ентони Блинкен Иорданиа даҭааит
Ентони Блинкен Иорданиа даҭааит

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Иорданиа даҭааит. Ари аанацҳаит Timesofisrael.

Акьыԥхь аинформациа ала, Блинкен Иорданиа аҳ, Абдулла II-ии Палестина анапхгара рхада Маҳмуд Аббаси дырԥылоит.

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ иацы ишааицҳаз, Иорданиа ада уи Мысреи, Еидоу Арабтәи Аемиратқәе, Катари дырҭаауеит.

„Арҭ аиԥыларақәа рҿы атәылақәа рыҳәоит аимак арҭбаара аԥырҟәҟәаареи атҟәацәа зыԥшра ҟамҵакәа рақәиҭтәра азҵааразы “Ҳамас” изларылшо ала ақәыӷәӷәареи ”, –иҳәеит Блинкен Израиль имҩаԥигаз апрессконференциаҿы.