Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 176 афакт ҿыцқәа аарҧшуп
Импыҵахалоу Аҧсны акоронавирус 176 афакт ҿыцқәа аарҧшуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 544-ҩык, урҭ рҟынтә 176-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  264-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 26-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус рыдбалан 10 784-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит  8513-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 152-ҩык.