Илиа  Дарчиашвили  жьҭаара 3-4 рзы аусуратә визитла Страсбург даҭаауеит
Илиа  Дарчиашвили  жьҭаара 3-4 рзы аусуратә визитла Страсбург даҭаауеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили  жьҭаара 3-4 рзы аусуратә визитла Страсбург даҭаауеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала, адәныҟатәи аусқәа рминистр Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада

Мариа Пеичинович-Бурич дылҧылоит. Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Илиа Дарчиашвили Еврокомиссиа анагӡаратә авице-ахада, ахәаахәҭра азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Валдис  Домбровски, еврокомиссарцәа  Паоло Џьентилони,  Дидие Раиндери, Иоҳаннес  Ҳани,  Ианес  Ленарчии дырҧылоит.