Илиа Дарчиашвили  - Вильниустәи асаммитаҿ даҽазнык иазгәаҭан НАТО алахәылацәа ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло
Илиа Дарчиашвили  - Вильниустәи асаммитаҿ даҽазнык иазгәаҭан НАТО алахәылацәа ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло

Иахьа,  Вильниустәи асаммитаҿ даҽазнык иазгәаҭан НАТО алахәылацәа ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло, дара иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, аглобалтә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла алагала ахәшьара ду аҭан, – иҳәеит Вильниус иҟоу Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили НАТО асаммит акоммиунике данахцәажәоз.

Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, НАТО аҟны ҩ-ганктәи аформатаҿ қәҿиарала аусеицура иаҿуп, уи ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит.

„Ҵыҧх, зҵакы дууз Мадридтәи асаммитаҿ еиҧшҵәҟьа, сынтәагьы, Вильниустәи асаммит аҿгьы ҳпартниорцәа рҟынтә адгылара ҕәҕәа ҳауит, уи НАТОи Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара иацхраауеит“, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Иара иажәақәа рыла, Вильниустәи асаммитаҿ, бжеиҳарала, Украиноуп излацәажәоз, избанзар, ари атәыла еибашьуеит,  ашәарҭара иҭагылоуп.

„Апартниорцәа, бхеиҳара Украиноуп излацәажәоз,  избанзар, ари атәыла еибашьуеит,  ашәарҭара иҭагылоуп. НАТО алахәылацәа зегьы Украина адгылара ҕәҕәа азаадырҧшит.  Алианс алахәылацәа ишьақәдырҕәҕәеит ҳаҧхьаҟагьы Украина ҕәҕәала ишадгыло“, – иҳәеит Дарчиашвили.