Илиа Дарчиашвили  -  Қырҭтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәҵоуп Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыла, уаҟа агуманитартә зҵаарақәеи амца аанкылара аиқәшаҳаҭреи ҳалацәажәоит
Илиа Дарчиашвили  -  Қырҭтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәҵоуп Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыла, уаҟа агуманитартә зҵаарақәеи амца аанкылара аиқәшаҳаҭреи ҳалацәажәоит

Қырҭтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәҵоуп Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыла, уаҟа агуманитартә зҵаарақәеи амца аанкылара аиқәшаҳаҭреи ҳалацәажәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи ауқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа ирызкны ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Аминистр ишиҳәаз ала, Женеватәи аформат аҿы иалацәажәоит ахадаратә ҵакы змоу 2 хырхарҭак, агуманиатартә зҵаарақәеи амца аанкылара аиқәшаҳаҭреи.

„Қырҭтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәҵоуп платформа заҵәык ала,  Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыла, уи ҳпартниорцәеи ҳареи ҳаимадаразы иҟоу аплатформа заҵәуп. Ари аплатформаҿ  ахадаратә ҵакы змоу 2 хырхарҭак, агуманиатартә зҵаарақәеи амца аанкылара аиқәшаҳаҭреи ҳалацәажәоит“, – иҳәеит Дарчиашвили.