Илиа Дарчиашвили  норвегиатәи иколлега диҧылеит
Илиа Дарчиашвили  норвегиатәи иколлега диҧылеит

Норвегиа ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили норвегиатәи иколлега Еспен  Барт  Еиде диҧылеит

Аминистрцәа ақырҭуа-норвегиатә еизыҟазаашьақәа русхәаҧштәи жәларбжьаратәи аформатқәа рҿы аусеицуреи иалацәажәеит. Норвегиа адәныҟатәи аусқәа рминистр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит итәыла  Қырҭтәыла адәныҟатәи аҧыжәарақәа ишрыдгыло.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр норвегиатәи иколлега аинформациа наӡа ииҭеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны. Иара Еспен  Барт  Еиде ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.