Илиа Дарчиашвили Парагваи ахада диԥылеит
Илиа Дарчиашвили Парагваи ахада диԥылеит

Парагваитәи Ареспублика аҿы авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Парагваи ахада Сантиаго Пениа Паласиос диԥылеит , иара убас аиԥылара далахәун Адепутатцәа рпалата ахантәаҩы Рауль Луис Латорре Мартинес.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ Парагваи ахадеи Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри атәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыхцәажәеит, арҭ аизыҟазаашьақәа рырҭбаара шазыхиоу иазгәарҭеит.

“Аганқәа рыхцәажәеит наҟ-наҟтәи аусеицура ахырхарҭақәа. Иазгәарҭеит ахәаахәҭра-економикатәи, атуристтәи, аҵаратәи еизыҟазаашьақәеи жәларбжьаратәи аимадареи аҵак ду шрымоу”, -иануп аинформациа аҿы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Парагваи ахада Сантиаго Пениа Паласиос  Қырҭтәылашҟа дааиԥхьеит.