Илиа Дарчиашвили Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит
Илиа Дарчиашвили Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит

Бразилиаҿ аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мауро Виеира диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ аминистрцәа атәылақәа ирыбжьоу апартниорра аҵакы иахцәажәеит.

Аминистрцәа ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәылеи Бразилиеи ирыбжьоу авизадатә режим атуристцәа рхыԥхьаӡара азҳаразы ихырҳагоуп.

Аганқәа атуристтә индустриа аҿиара аҵак ду шамоу иазгәарҭеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мауро Виеира Қырҭтәылашҟа дааиԥхьеит