Илиа Дарчиашвили –  Ҳпартниорцәа ари азакәанпроект аҵакы иазкны ҳрацәажәароуп, аартызаара ауп европатәи аҭаацәара ҳадызҳәало  апринцип хада 
Илиа Дарчиашвили –  Ҳпартниорцәа ари азакәанпроект аҵакы иазкны ҳрацәажәароуп, аартызаара ауп европатәи аҭаацәара ҳадызҳәало  апринцип хада 

«Ҳпартниорцәа аартызаара азҵаара иазкны ҳрацәажәар ҳҭахуп, избанзар, аартызаара ауп европатәи аҭаацәара ҳадызҳәало апринцип хада», – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Германтәыла ажурналистцәа данрацәажәоз.

Дарчиашвили иажәақәа рыла,  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект аҵакы хада  — аартызаареи ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҳасабырбареи.

«Ҳпартниорцәа цқьа еилыркаароуп ари азакәан ҵакыс иамоу. Ҳпартниорцәа егьырҭ ирҳәо аинформациа иазымӡырҩроуп. Ҳара ари азҵаара иадҳәаланы дара рҟны атематикатә дискуссиа мҩаҧаагар ҳҭахуп, избанзар, аартызаара  – европатәи аҭаацәара ҳадызҳәало апринцип хадоуп. Аартызаара иаҿагыло иарбанзаалак аргументк ҳзақәшаҳаҧхом.  Ҳара ҳхатә аконкреттә аргументқәа ҳамоуп. Азакәанҧҵаратә процесс иалагоит, азакәан ахцәажәара иалагоит. Аганқәа зегьы апарламентаҿ раргументқәа цәырыргар рылшоит.  Ари азакәан ҵакыс иамоу абри ауп – дарбанзаалак ауаҩы ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҳасабырбара иуалуп», — иҳәеит  Илиа  Дарчиашвили.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Германтәылаҟа ддәықәлеит. Иракли Кобахиӡе анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп: авице-аҧыза-министр, атәылахьчара аминистр  Иракли Чиқовании, адәныҟатәи аусқәа рминистр  Илиа  Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы  Леван Жоржолиании.