Илиа  Дарчиашвили – Қырҭтәыла ахатә ҧхықәрақәа зегьы намысла инанагӡоит, ҳтәыла аҵакырадгьыл ахархәарала асанкциақәа рывсра факткгьы иҟам
Илиа  Дарчиашвили – Қырҭтәыла ахатә ҧхықәрақәа зегьы намысла инанагӡоит, ҳтәыла аҵакырадгьыл ахархәарала асанкциақәа рывсра факткгьы иҟам

«Қырҭтәыла  жәларбжьаратәи ауаажәларра рҿаҧхьа ахы иаднаҵаз  ҧхықәрақәа зегьы намысла инанагӡоит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Иара иажәақәа рыла, Украина аибашьра ианалага ашьҭахь Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ахархәарала асанкциақәа рывсра факткгьы иҟам.

«Ҳара жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рҿаҧхьа аҧхықәра ҳамоуп, арҭ аҧхықәрақәа  еснагь  инаҳагӡоит. Ари азҵаара иадҳәаланы ҳареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи аус еицаауеит», — иҳәеит  Илиа  Дарчиашвили.

Даниатәи ажурналист ақырҭуа министр диазҵааит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟазҭгьы, Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа шьақәнаргылозма ҳәа.

Дарчиашвили абас аҭак ҟаиҵеит:

«Акандидат астатус аиуразы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи аус еицыруеит. Уи аҵыхәтәантәи алҵшәа аҟынӡа ҳназго мҩоуп. Евроеидгыла алаларазы аамҭа аҭахуп. Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азыҳәан иакымкәа ашықәсқәа аҭаххоит. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рҿаҧхьа ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы намысла инаҳагӡоит. Убри аҟынтә, атәыла иҟанаҵо  ашьаҿақәа зегьы лабҿаба иубарҭоуп», — иҳәеит  Илиа  Дарчиашвили.