Илиа Дарчиашвили – Ҳара 12 абжьагарақәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп, сфранцыз коллега ажәа лысҭеит ҳара уи шынаҳагӡо ала
Илиа Дарчиашвили – Ҳара 12 абжьагарақәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп, сфранцыз коллега ажәа лысҭеит ҳара уи шынаҳагӡо ала

«Евроинтеграциа иазку, зҵакы дуу апроцессаҿ Қырҭтәыла иацхраауа  аганқәа зегьы еилыркаароуп Қырҭтәыла имҩаҧысуа  ареформақәа зегьы аҽазышәара ду шырҭаху – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ифранцыз коллегеи иареи иахьа еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

«Франс Пресс» ажурналист ақырҭуа министр диазҵааит Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵо азхом ҳәа зҳәо аиҿкаарақәа иреиҳәарызи, насгьы, ҭагалан акандидат астатус аиура дақәгәыҕуама ҳәа.

Дарчиашвили ишиәҳаз ала, иарбанызаалак ареформа аамҭа рацәеи аҽазышәара дуи  аҭахуп,  аӡәгьы игәы иаанамгааит шықәсыкала аӡбаратә системаҿ, ма даҽа усхкык аҿы  ареформа бзиаҵәҟьа амҩаҧгара ҟалоит ҳәа.

«Уи азыҳәан аамҭа рацәеи аҽазышәара дуи  аҭахуп. Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара аҭараан аконкреттә шьаҿақәа иазҧхьагәаҭазароуп, уи аҵакы ду амоуп. Атәылаҿ аӡбаратә реформа аҧшьбатәи аетап хыркәшоуп, уи ахәшьара бзиа аҭатәуп», — иҳәеит Илиа  Дарчиашвили.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла ала 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ Еврокомиссиа ахәшьароуп напхгагас иҟалаша.

«12 абжьагарақәа рынагӡара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, шәжурналисттә усураан  ари атема аус анадыжәуло, Еврокомиссиа ахәшьареи, ҳаиҳабыра Бриуссельҟа идәықәырҵаз адокументқәеи  иазҧхьагәашәҭароуп.

Иҟаҳҵо ашьаҿақәа зегьы Бриуссельнтә иҳауа азҵаарақәа ирыдҳәалоуп. Ҵыҧх ихаҳарҭәааз анкетазы раҧхьатәи ахәшьара ҳауит, уи акырӡа ибзиан, уажәааны, Бриуссель аҳәарала, адокумент ҿыц еиқәыршәаны ирыздәықәаҳҵеит, раҧхьатәи ахәшьарала, уигьы  цәгьам.  Абри ауп напхгагас иҟалаша. Макьана иҟаҳҵаша иҟоуп, ҳара абарҭ абжьагарақәа рынагӡара ҳазҿлымҳауп, аминистри сареи ари азҵаара ҳалацәажәеит. Ҳара ажәа лаҳҭеит наҟ-наҟ ҳҽазышәарақәа зегьы абарҭ априоритетқәа рынагӡара ишазаҳкуа азы“, — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.