Илиа Дарчиашвили – Адәныҟатәи аусбарҭа аусураҿы аҧыжәара амоуп аҳәаанырцә инхо Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчареи реиҷаҳареи
Илиа Дарчиашвили – Адәныҟатәи аусбарҭа аусураҿы аҧыжәара амоуп аҳәаанырцә инхо Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчареи реиҷаҳареи

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы  имҩаҧган Қырҭтәыла аконсультә маҵзураҭыҧқәа аанызкыло ахаҿқәа ркоординациатә аиҧылара аартра ацеремониа.

Адунеи 55 ҳәынҭқаррақәа рҿы аус зуа  70ҩык аконсультә  маҵзуҩцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Аминистр иаҵшьны иазгәеиҭеит аконсултә маҵзура қәҿиарала аусура ахымҧадара, иара убас, ари ахырхарҭала аминистрра ала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи дырзааҭгылеит.  Аминистр ишазгәеиҭаз ала, иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарра еиҧшҵәҟьа, Қырҭтәылагьы, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы,  ахатә тәылауаа реиҷаҳара иауалуп.

„Имҩаҧааго аусура зегьы аҳәаанырцә инхо ҳтәылауаа ирзыманшәалазар ҳҭахуп, ҳәарада, ари аус аҿы аминистррагьы атәыла аиҳабырагьы зегьы рыла ишәыдгылоит“, –  иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.  Иара аконсулрақәа русзуҩцәа зегьы рпрофессионализми аус азгәыкреи азы ҭабуп ҳәа раҳәаны,  ааҧхьара ҟаиҵеит аҳәаанырцә инхо Қырҭтәыла атәылауаа реиҷаҳара амзызла активла аусура нарыгӡарц.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хаҭуна Ҭоҭлаӡе аконсултә усура иазку аӡыргара мҩаҧылгеит.

Иара убас, аконсулцәа ирзымҩаҧган аконсултә сервисқәа ирҿыцу рвеб-даҟьа аӡыргарагьы.