Илиа  Дарчиашвили  аргентинатәи аган драцәажәеит Қырҭтәыла арегионалтә роль азҳареи наҟ-наҟтәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәеи рзы
Илиа  Дарчиашвили  аргентинатәи аган драцәажәеит Қырҭтәыла арегионалтә роль азҳареи наҟ-наҟтәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәеи рзы

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили,  Аргентинатәи ареспубликаҿ ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аргентинатәи иколлега Диана Мондино дылҧылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала,  аиҧылараҿы Аргентинеи Қырҭтәылеи рыбжьара ишьақәгылаз атрадициатә аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Иара убас,  Илиа Дарчиашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит  аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи аимадарақәа рырлахҿыхреи аҵакы ду шамоу,  избанзар,  Аргентина зҵакы дуу арегионалтәи аглобалтәи хәмарҩуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит. Ари аганахьала иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла ахәаахәҭратәи аинвестициатәи потенциал.

Аминистрцәа Латинтәи Америкеи Карибтәи арегиони атәылақәа русеицураҿы Қырҭтәыла алахәызаара ибзианы иахцәажәан,  иаҵшьны иазгәарҭеит ари атрадициа наҟ-наҟгьы ишынагӡатәу.