Илҳам Алиев ишааицҳаз ала, азербаиџьантәи аруаа Ашьхатә Ҟарабах  иҟоу Шуша ақалақь ргеит
Илҳам Алиев ишааицҳаз ала, азербаиџьантәи аруаа Ашьхатә Ҟарабах  иҟоу Шуша ақалақь ргеит

 

Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев ишааицҳаз ала,  азербаиџьантәи аруаа Ашьхатә Қарабах иҟоу Шуша ақалақь ргеит. Ари аинформациа аладырҵәеит азербаиџьантәи агентрақәа.

Шуша  —  астратегиатә ҵакы ду змоу қалақьуп, уи Ашьхатә Ҟарабах аҳҭнықалақь иазааигәаны иҟоуп.

Шушазы мышқәак ақәҧара мҩаҧысуеит, Ашьхатә Ҟарабах дефакто анапхгарагьы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәоит.

Шәамахьтәылатәи АИХ рдыррақәа рыла,  Шушазы  ақәҧара инагӡоит.