Санкт-Петербург  Владимира Путини, Никол Ҧашиниани,  Илҳам  Алиеви х-ганктәи реиҧылара мҩаҧган
Санкт-Петербург  Владимира Путини, Никол Ҧашиниани,  Илҳам  Алиеви х-ганктәи реиҧылара мҩаҧган

Урыстәыла ахада  Владимир Путин  Шәамахьтәылеи Азербаиџьани алидерцәа дырҧылеит.

Урыстәылатәи АИХ ишырыҩуа ала, аиҧылара мҩаҧган Петербург имҩаҧысуа Ихьыҧшым Аҳәынҭқррақәа Реидгыла асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиҧылара ашьҭахь Путин ихаҭа ишҳәаз ала, дара Аахыҵ Кавказаҿ аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара иалацәажәеит.

 Никол Ҧашиниан ишазгәеиҭаз ала, уажәазы ахадаратә ҵакы амоуп Лачинтәи акорридор азҵаара.

Ишыжәдыруа еиҧш,  ҧхынҷкәын 12 рзы азербаиџьантәи аекоактивистцәа, аҧсабаратә ресурсқәа закәандарала рхархәара иадҳәаланы апротест ҟарҵан,  Шәамахьтәылеи Ашьхатә Ҟарабахи еимыздо амҩа заҵәы – Лачинтәи акорридор адыркит.  Ереван ишырҳәаз ала, Ҟарабах ауааҧсыра агуманитартә кризис иҭагылоуп.