Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан
Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан.
Қарҭтәи жәларбжьратәи аҳаирбаҕәазаҿы Шәамахьтәыла аҧыза-министр иҧылеит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Шарвашиӡеи.
Никол Ҧашиниан Қырҭтәыла даҭааит аделегациа иманы.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Никол Ҧашиниани Иракли Ҕарибашвилии ишиашо реиҧылара мҩаҧысуеит; имҩаҧгахоит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылатәи ареспубликеи рыбжьара аекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа 13-тәи аилатәара