Илҳам Алиев Буба Кикабиӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Илҳам Алиев Буба Кикабиӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

Азебаиџьан ахада Илҳам Алиев Вахтанг (Буба) Кикабиӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

„Ақырҭуа жәлар рԥеиҳабы, зыхьӡ нагоу ашәаҳәаҩ, актиор, арежиссиор Вахтанг Кикабиӡе иԥсра инамаданы адашшылара ҟасҵоит. Вахтанг Кикабиӡе ихьӡ ақырҭуа культура аҭоурых аҿы анбан дула иҭаҩуп. Вахтанг Кикабиӡе аепоха ду дасимволхеит.

Иара афильмқәа рҿы инаигӡаз арольқәа, иашәақәа абиԥарақәа рыгәқәа рҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит.

Вахтанг Кикабиӡе Азербаиџьан даҩыза гәакьан. Иҟазара азербаиџьанаа даара бзиа ирбон, иара ихаҭа пату ду ақәырҵон. Иара ароль ҷы́да наигӡеит Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәеи реиҩызареи рырӷәӷәареи рырҿиареи рҿы.

Сареи Меҳрибаны ҳахьӡала сшәыдашшылоит”, – иануп Алиев иҟаиҵаз адашшылараҿ.

Ашәаҳәаҩ, акиноактиор, арежиссиор, асценарист, Қырҭтәыла жәлартә артист Вахтанг (Буба) Кикабиӡе 84 шықәса дшырҭагылаз  иҧсҭазаара далҵит.