Ильҳам Алиев – Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаипрлан акаҳара ахьаа цәгьа ҳазцәырнагеит, арратә маҵзуҩцәа ҭахеит
Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диашшылеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаиплан акаҳара иадҳәаланы.
Алиев иҭахаз ауаа руацәеи аҭырқәа жәлари дрыдашшылеит.
«Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаипрлан акаҳара ахьаа цәгьа ҳазцәырнагеит. Гианџьи аҳаирбаҕәазантә иҧрыз аҳаиплан акаҳара амшала аруаа ҭахеит. Ихьанҭаӡоу аамҭазы шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит. Иҭахаз ауаа руацәеи аҭырқәа жәлари ҳаҭала сареи азербаиџьан жәлари ҳахьӡала, гәыкала ҳрыдашшылоит», — иануп Алиев иҳәамҭаҿы.