Ильҳам Алиев иҳәамҭала, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи хымҧада аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп
Ильҳам Алиев иҳәамҭала, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи хымҧада аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп

Ильҳам Алиев иҳәамҭала, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи хымҧада аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп. Ильҳам Алиев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Вильниус, уаҟа иара литватәи иколлега  Гитанас Науседа диҧылеит.

Алиев иажәақәа рыла,  Азербаиџьан ари ахықәкы анагӡаразы аконструктивтә шьаҿақәа зегьы ҟанаҵоит.

«Аиҿцәажәарақәа рыбзоурала, Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчра ашьақәыргылара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит.  Азербаиџьан аҵакырадгьыл  30 шықәса рыҩныҵҟа ашәамахь ампыҵахалараҿы иҟан, миллионҩыла азербаиџьанцәа  ирызгәакьаз адгьыл аҟынтә иқәырцеит,  ҳҵакырадгьыл  20 наӡына импыҵахаланы ирыман. Ампыҵахалаҩцәа ари аҵакырадгьылаҿ аинфраструктура зегьы дырбгеит,  аҭоурыхтә баҟақәа иқәырхит.  Аха, уезгьы,  хымҧада аҭынчратә еиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩыроуп  ҳәа ҳгәы иаанагоит, ари ахықәкы анагӡаразы аконструктивтә шьаҿақәа зегьы ҟаҳҵоит», — заявил Ильҳам Алиев.