Иҟоу aдыррaқәa рылa, Рaуль Ҳaџьымбa иусбaрҭa aхыбрaнтә aруaa рыцхырaaрaлa ддәылҵит
Иҟоу aдыррaқәa рылa, Рaуль Ҳaџьымбa иусбaрҭa aхыбрaнтә aруaa рыцхырaaрaлa ддәылҵит

Импыҵaхaлоу Аҧсны еибaрххaрa исыҽуaм.

Аоппозициaa рыдгылaҩцәa aхaдa иусбaрҭa aхыбрaҿ иaaнхоит. Иҟоу aдыррaқәa рылa, Рaуль Ҳaџьымбa иусбaрҭa aхыбрaнтә aруaa рыцхырaaрaлa ддәылҵит. Ахa дефaкто aхaдa уaжәы дaхьыҟоу идырым.

Импыҵахалоу Аҧсны шьыжь инаркны аоппозициаа рыдгылаҩцәа акциа мҩаҧыргоит.

Иацы импыҵахлоу Аԥсны имҩаԥысит де-факто ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны де-факто алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа Рауль Ҳаџьымба Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит, ахыбра аҩналара рҽазыршәеит. Урҭ рыхәҭак ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит. Шәҩыла еизаз ауааи ахыбра ахьчаҩцәеи рыбжьара аиҿагыларақәа аҭыԥ рыман.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит. Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.