Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәылa дaҽa 178-ҩык aкоронaвирус амзызла рыҧсҭазаара иалҵит
Иҳаҩсыз уахи -ҽни рыла, Урыстәылa дaҽa 178-ҩык aкоронaвирус амзызла рыҧсҭазаара иалҵит, дaҽa 8 536-ҩык aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп.
Аинформациа ианылеит aоперaтивтә штaб aвебдаҟьа ҷыда.
Аофициалтә статистика инақәыршәаны, инеизaкны, Урыстәылa акоронавирус рымоуп 432 277-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵит 195 957-ҩык, 5 215-ҩык aпaциентцәa иҧсит.