Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Урыстәылa 4 870-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан, рыҧсҭазаара иалҵит 90-ҩык
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Урыстәылa рыҧсҭазаара иалҵит 90-ҩык.
Аинформациа ианылеит Урыстәыла анапхгара иаҧырҵаз авебдаҟьа ҷыда. Авебдаҟьаҿ ишану ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Урыстәылa даҽа 4 870-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан.
Нанҳәа 21 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Урыстәылa иaхьa уaжәрaaнӡa aкоронaвирус ирыдбалан 946 976-ҩык aуaaҧсырa, урҭ рҟынтә ачымазара иалҵит 761 330-ҩык.
Атәылаҿ 16 189-ҩык aпaциентцәa иҧсхьеит.