Иенс Столтенберг - Урыстәыла Украина зымҽхак ҭбаау ажәыларазы аҽазыҟаҵара нанагӡоит

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина зымҽхак ҭбаау ажәыларазы аҽазыҟаҵара нанагӡоит. Ари атәы аанацҳаит CNN.

“Москва Украинаҿ имҩаԥнагоз адестабилизациа маӡа аҟынтә, арратә агрессиахь ииасит. Урыстәыла аескалациа иалаган, жәларбжьаратәи зини реилагароуп. Нато ахатә адгылаҩцәа рыхьчара аус аҿы азеиԥш позициа амоуп. Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы адгылаҩцәа иацҵаны нызқьҩык арратә маҵзуҩцәа ииаргеит алианс мрагыларатә хәҭашҟа.

“100 иреиҳаны ахаирпланқәа иазыҟаҵоуп, 120 иреиҳаны ӷбақәа амшынқәа рҿы ҳамоуп,” – иҳәеит Столтенберг.