Иенс Столтенберг - Адунеи ари ихықәкыдоу аибашьра лахь анаҭоит, Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Урыстәыла аганахьала апрецедент змам асанкциақәа рыдыркылеит, Украина адгылара ҳара иаҳзеиԥшуп
Адунеи аибашьра аҿагылоит. Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Урыстәыла аганахьала апрецедент змам асанкциақәа рыдыркылеит, Украина адгылара ҳара иаҳзеиԥшуп, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Нато атәылахьчара аминистериал аҿы даныҟәгылоз.
Столтенберг ишааивҳаз, Нато аминистрцәа еизеит Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара ахцәажәареи иаауа амчыбжь азы имҩаԥысран иҟоу асаммит аҽазыҟаҵареи рзы.
„Уажәы ҳара ҳҿы иҟоуп украинатәи ҳколлега Алексеи Резникови егьырҭ ҳпартниорцәеи – Қырҭтәыла, Финлиандиа, Швециа, Евроеидгыла. Адунеи ари ихықәкыдоу аибашьра лахь анаҭоит, Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Урыстәыла аганахьала апрецедент змам асанкциақәа рыдыркылеит, Украина адгылара ҳара иаҳзеиԥшуп. Шеишықәса рыбжьара Нато адгылаҩцәа зықьҩыла украинатәи аруаа иазыҟарҵон, акритикатә аибыҭара рацәа рырҭеит. Урыстәыла аинтервенциа иалагеижьҭеи Алианс украинааи, Укарина аиҳа́быреи арбџьармчқәеи рыдгылара арӷәӷәеит. Иахьа Украина адгылара аҵак ҷыда амоуп,” – иҳәеит Столтенберг.