Иенс Столтенберг - Урыстәыла 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз, иахьа Украинаҿ иҟанаҵо аҟаҵара аӡәы иҭаххар, алианс зегьы ари азы аҭак ҟанаҵоит, аҿагылаҩцәа ари еилыркааруоп, ари Нато аҭакԥхықәра хада ауп
Иенс Столтенберг - Урыстәыла 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз, иахьа Украинаҿ иҟанаҵо аҟаҵара аӡәы иҭаххар, алианс зегьы ари азы аҭак ҟанаҵоит, аҿагылаҩцәа ари еилыркааруоп, ари Нато аҭакԥхықәра хада ауп

Урыстәыла 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз, иахьа Украинаҿ иҟанаҵо аҟаҵара аӡәы иҭаххар, алианс зегьы ари азы аҭак ҟанаҵоит, аҿагылаҩцәа ари еилыркааруоп, ари Нато аҭакԥхықәра хада ауп, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

“Ҳара иаҳа ишәарҭоу зеиԥшрахо иаҳзымдыру адунеи аҿы ҳанхоит. Европа зымҽхак ҭбаау аибашьра цоит, аҩбатәи адунеитә аибашьра ашьҭахь абри еиԥш ахҭыс Европаҿ иҟамызт, игәаҟуеит украинатәи ажәлар. Аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ҟалап, Урыстәылеи Натои зымҽхак ҭбаау аибашьра иалагар, иаҳа ирацәаны агәаҟреи ауаҩшьреи, аԥхасҭеи иаҳзаанагар ҟалап. Убри аҟынтә Нато ҩхықәкык амоуп: Украина адгылара. Нато-и Нато адгылаҩцәеи Украина апрецедент змам ацхыраара азаадырԥшуеит. Иара убас аҭакԥхықәра ҳамоуп Украина анҭыҵ аескалациа апревенциа ахырхарҭала. Убри аҟынтә ауп Нато аимак ахьалам. Убри аҟынтә алианс мрагыларатә фланг аҿы ахьаанхаз. Ҳара алианс асантиментр цыԥхьаӡа ҳахьчоит. Урыстәыла 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз, иахьа Украинаҿ иҟанаҵо аҟаҵара аӡәы иҭаххар, алианс зегьы ари азы аҭак ҟанаҵоит, аҿагылаҩцәа ари еилыркааруоп, ари Нато аҭакԥхықәра хада ауп”, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.