Иенс Столтенберг игәаанагарала, Украина ицо аибашьра аиҿцәажәарақәа реишәаҿ ихыркәшоит
Иенс Столтенберг игәаанагарала, Украина ицо аибашьра аиҿцәажәарақәа реишәаҿ ихыркәшоит

Аҩада-атлантикатә алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг игәаанагарала, Украина ицо аибашьра аиҿцәажәарақәа реишәаҿ ихыркәшоит. Ари атәы аанацҳаит испаниатәи акьыԥхь “Ель-паис”.

Смолтенберг ишааицҳаз ала, аибашьраҿ ганк иаҵахоит.

“(Ганк) иаҵахоит. Украина апозициа ӷәӷәа амазароуп, абри ауп ҳара иҳуалу, исуверену ихьыԥшым амилаҭ ҳацхраароуп.  Ари арратә цхыраареи,аекономикатә адгылареи Урыстәыла аганахьала асанкциақәа рымҩаԥгареи рыла ҳалшоит”, – иҳәеит Иенс Столтенберг.