Давос иҟоу Володимир Зеленски Иенс Столтенберг диԥылеит
Давос иҟоу Володимир Зеленски Иенс Столтенберг диԥылеит

Давос иҟоу Украина ахада Володимир Зеленски Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диԥылеит. Ари атәы ааицҳаит Украина ахада.

Зеленски идыррақәа рыла, Иенс Столтенберг иҟны аиԥылараҿ аибашьраҿ иҟоу аҭагылазаашьеи, Украина атәылахьчаратә ҭахрақәеи, аҳауахьчара арӷәӷәареи, Вашингтон имҩаԥысран иҟоу Нато асаммит азы аҿазыҟаҵареи, апартниорцәа рҟны Украина ашәарҭадаратә гарантиақәа аус рыдулареи ирыхәаԥшит.