Иенс Столтенберг – Урыстәыла Донбасс ампыҵахалареи  имыпахалоу Ҟрым аҟны адгьылтә аимадара ашьақәыргылареи рҽазыркит, ари афаза аибашьраҿы ахадаратә ҵакы амоуп
Иенс Столтенберг – Урыстәыла Донбасс ампыҵахалареи  имыпахалоу Ҟрым аҟны адгьылтә аимадара ашьақәыргылареи рҽазыркит, ари афаза аибашьраҿы ахадаратә ҵакы амоуп

«Буча ақалақь аҿы ишьыз аҭынчуаа рфотоҭыхымҭақәа аабеит. Абри аҩыза агәымбылџьбара иучҳаратәы иҟам, аҵыхәтәантәи жәашықәсақәа рыҩнуҵҟала Европа абри аҩыза акгьы ҳамбацызт», —  иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иахьатәи абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, аҭынчуаа рықәлара – арратә ацәгьауроуп.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишазгәеиҭаз ала, афактқәа зегьы ҭҵааны, абри агыгшәыгра ҟазҵаз ауаа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа рыҭатәуп. Иара убас, Столтенберг ишиҳәаз ала, иааиуа амшқәа рзы Урыстәыла Украина мрагыларатәи аладатәи ахәҭақәа ржәылара агәы иҭоуп.

«Иааиуа амшқәа рзы Урыстәыла Украина мрагыларатәи аладатәи ахәҭақәа ржәылара агәы иҭоуп. Дара Донбасс ампыҵахалареи  имыпахалоу Ҟрым аҟны адгьылтә аимадара ашьақәыргылареи рҽазыркит. Ари афаза аибашьраҿы ахадаратә ҵакы амоуп, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы НАТО  иалоу атәылақәа адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа   иҟарҵаша иалацәажәоит, ҳара иҵегьы бџьарла Украина ҳацхраауеит. Аидгылаҩцәа агуманитартәи афинанстәи цхыраарагьы иалацәажәоит. Иара убас, НАТО Украина иацхраар аҭахуп акибершәарҭадареи ахимиатәи абиологиатәи шәарҭарақәеи рҽацәыхьчаразы иаҭаху ахархәагақәа рылагьы», — иҳәеит Иенс Столтенберг.