Иенс Столтенберг - Урыстәыла ахб ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа арратә операциа иаҟәыҵны, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи пату ақәиҵарц
Иенс Столтенберг - Урыстәыла ахб ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа арратә операциа иаҟәыҵны, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи пату ақәиҵарц

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭала, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара ӷәӷәала дақәыӡбоит, ари зықьҩыла аҭынч тәылауаа рыԥсҭазаара ашәарҭа ҭаднаргылоит.

“Ҳагәҽанҵареи адипломатиатә мҩала аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵара ҳҽазкра иахәамԥшыкуа, Урыстәыла исуверену зхы иақәиҭу атәыла аганахьала даҽазнык агрессиа алнахит.

Ари жәларбжьаратәи зин аилагароуп, Евроатлантикатә ашәарҭадара ашәарҭа ҭаднаргылоит.

Урыстәыла ахб ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа арратә операциа иаҟәыҵны, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи пату ақәиҵарц. Ҳара Украинатәи ажәлар ҳрыдгылоит. Нато адгылаҩцәа зегьы рыхьчара иалшо зегь ҟанаҵоит,” – иануп Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.