Иенс Столтенберг - Путин  иҳәаақәа рҿы НАТО иаҳа имаҷхар иҭахын, аха  иаҳа ирацәаны НАТО иоуеит
Иенс Столтенберг - Путин  иҳәаақәа рҿы НАТО иаҳа имаҷхар иҭахын, аха иаҳа ирацәаны НАТО иоуеит

«Путин  иҳәаақәа рҿы НАТО иаҳа имаҷзар иҭахын, аха уажәшьҭа иаҳа ирацәаны НАТО иоуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Финлиандиеи, Ҭырқәтәылеи, Швециеи х-ганктәи амеморандум рнапы анаҵарҩа ашьҭахь.

Столтенберг ишиҳәаз ала, Владимир Путин даҽазнык изаадырҧшит  атәыла ҿыцқәа рзы НАТО ашә шаарту.

«Владимир Путин даҽазнык изааҳарҧшит  атәыла ҿыцқәа рзы НАТО ашә шаарту. Уи иара ихықәкқәа ирышьашәалам. Путин иҳәаақәа рҿы НАТО иаҳа имаҷзар иҭахцын, аха, уажәшьҭа иаҳа ирацәаны НАТО иоуеит», — иҳәеит Столтенберг.