Иенс Столтенберг – Мадридтәи асаммит аҽыҧсахратә ҵакы амазаауеит, ҳара зҵакы дуу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит
Иенс Столтенберг – Мадридтәи асаммит аҽыҧсахратә ҵакы амазаауеит, ҳара зҵакы дуу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит

«Аминистериал иацтәи аиҧылараҿы НАТО алахәылацәеи апартниорцәеи ишьақәдырҕәҕәеит  ҳара Украина зеиҧшҟамлац ацхыраара аҭара ҳшазыхиоу», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Иара иажәақәа рыла, Мадридтәи асаммит аҿы Алианс алахәылацәа зҵакы дуу аӡбарақәа рыдыркылоит.

«Ари аминистериал аҿы ҳара амза анҵәамҭазы имҩаҧысраны иҟоу  Мадриадтәи асаммит азы ҳҽазыҟаҳҵоит.   Ҳшәарҭадаразы ахадаратә ҵакы змоу аамҭазы ари асаммит аҽыҧсахратә ҟазшьа амазаауеит. Ҳара иаҳа ишәарҭахаз адунеи аҿы аанкылара аполитикеи ахыхьчареи  арҕәҕәара иазку крызҵазкәа аӡбарақәа ҳадаҳкылоит.  Украина адгыларазы апакет ду азы ҳаиқәшаҳаҭхоит», — иҳәеит Столтенберг.