Иенс Столтенберг – Аминистрацәа ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа – Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеигьы рнылаҵаны -  рыцхраара ахымҧадара иалацәажәеит
Иенс Столтенберг – Аминистрацәа ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа – Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеигьы рнылаҵаны -  рыцхраара ахымҧадара иалацәажәеит

«Кремль амбициа  — анырра аиҭашьақәыргылареи егьырҭ атәылақәа рхатә амҩа алхра азин рымхреи ауп.  Аминистрацәа ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа – Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеигьы рнылаҵаны рыцхраара ахымҧадара иалацәажәеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг НАТО аминистериал ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла,  НАТОи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа кыраамҭалатәи аперспективаҿы  рҽырыҧсахит.

«Урыстәылатәи агрессиа ҳшәарҭадаразы анорма ҿыц аҧнаҵеит, хара имгакәа аиҿагылара ашәарҭара ҳҭагылар ауеит. Азҵаарақәа рацәа цәырҵит, аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа еиҿкаашьас ирыҭатәу, адемократиа акәу авторитаризм акәу аиааира зго, изакәытә дунеиу иҳаргылар иаҳҭаху.

НАТОи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа кыраамҭалатәи аперспективаҿы  рҽырыҧсахит,  аминистрцәа зегьы ари апозициа иақәшаҳаҭуп.  Аха,  ҳара,  ҧасеиҧш,  адипломатиа еиҕьаҳшьоит,  аимакқәеи аескалациеи агхақәеи ҳрыцәцар ҳҭахуп. Уажәтәи акризис  иҳнарбаз рацәоуп. Ҳтәылақәа ршәарҭадара ахьчаразы Аҩадатәи Америкеи Европеи иаҳа еидгылароуп», — иҳәеит Столтенберг.

ВВС ажурналист Столтенберг диазҵааит Қырҭтәылеи Босниеи Герцеговинеи рыдгыларазы НАТО иҟанаҵараны иҟои ҳәа.  Столтенберг ишиҳәаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа рыхьчаразы иаҳа ирацәаны иҟаҵатәуп.

«Ҳара макьана аҵыхәтәантәи аӡбара ҳадҳамкылацт, аха, аминистрацәа ашәарҭара иҭагылар зылшо ҳадгылаҩцәа – Қырҭтәылеи Босниеи Герцоговинеигьы рнылаҵаны рыцхраара ахымҧадара иалацәажәеит. Имҩаҧааго аусура иаҳа ирҭбатәуп, рхыхьчаратә институтқәа ҳарҕәҕәароуп. Абарҭ атәылақәа излауа ала ҳрыцхраароуп, избанзар, ишыжәбо еиҧш,  Урыстәыла даргьы иржәылар алшоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.