Иенс Столтенберг – Алианс алахәылацәа  зегьы ринтересқәа иазҧхьагәаҭатәуп, Ҭырқәтәыла хьаас иамоу азҵаара ҳахәаҧшуеит
Иенс Столтенберг – Алианс алахәылацәа  зегьы ринтересқәа иазҧхьагәаҭатәуп, Ҭырқәтәыла хьаас иамоу азҵаара ҳахәаҧшуеит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишиҳәаз ала, Алианс алахәылацәа  зегьы ринтересқәа иазҧхьагәаҭатәуп. Иенс Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Даниа аҧыза-министр Мете Фредериксени иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Финлиандиеи Швециеи НАТО ашҟа ралалара иадҳәаланы Ҭырқәтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа даналацәажәоз Столтенберг ишиҳәаз ала,  Ҭырқәтәыла иеиҧшу, зҵакы дуу алахәыла зҵаарак хьаас анамоу, хымҧада аиҿцәажәарақәа мҩаҧганы, азеиҧш позициа ҧшаатәуп.

«Аҭоурыхтә аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Финлиандиеи Швециеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа срықәшаҳаҭуп. Аха, Алианс алахәылацәа зегьы ринтересқәа иазҧхьагәаҭатәуп. Агәра ганы сыҟоуп азеиҧш позициа аҧшаара шҳалшо. Швециеи Финлиандиеи НАТО ианалалалак, Евроеидгыла  ауааҧсыра 96% НАТО атәылақәа рҿы инхоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.