Иенс Столетнберг ишааицҳаз, арҭ амшқәа рзы Украина Нато аҳауатә тәылахьчаратә системақәа аиуеит
Иенс Столетнберг ишааицҳаз, арҭ амшқәа рзы Украина Нато аҳауатә тәылахьчаратә системақәа аиуеит

Арҭ амшқәа рзы Украина Нато аҳауатә тәылахьчаратә системақәа аиуеит. Ари атәы ааицҳаит Аҩадаатлантиктә алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столетнберг Берлин, Адәныҟатәи политика афорум аҿы данықәгылоз.

Столтенберг иажәақәа рыла, арҭ асистемақәа рыла, Украина, акритикатә инфраструктура ақәхразы ирышьҭуа дронқәа рҟынтә аҽацәыхьчара алшоит.

Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, арҭ ажәыларақәа ирҭакны, адгылаҩцәа Украина аҳауатә-хыхьчаратә системақәа рырҭароуп.

“Адгылаҩцәа рҳәахьа нарыгӡароуп, уажәы абри аҟаҵароуп иҳалшо. Арҭ амшқәа рзы Украина Нато аҳауатә тәылахьчаратә системақәа аиуеит, Украина, акритикатә инфраструктура ақәхразы ирышьҭуа дронқәа рҟынтә аҽацәыхьчара алшоит”, – иҳәеит Столтенберг.