Иахьа Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиаҿы дықәгылоит
Иахьа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиаҿы дықәгылоит.
Иракли Ҕарибашвили Қырҭәтылеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи урҭ рыӡбаразы азеиҧш ҽазышәарақәа рҵаки дазааҭгылоит.
Авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала, аҧыза-министр арегионалтә шәарҭадареи, ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәеи хшыҩзышьҭра рзиуеит, ЕАР атрибуна ихы иаирхәоит ампыҵахалара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбаразы.
Америка авизит аан, ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр иҳараку аҩаӡараҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигеит.