Иахьа инаркны апарламент Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы акандидатцәа ралхра иалагоит
Иахьа инаркны апарламент Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы акандидатцәа ралхра иалагоит

 Иахьа инаркны Қырҭтәыла апарламент Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы акандидатцәа ралхра иалагоит. Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иашьашәалоу адҵа ҟаиҵахьеит.

 Апарламент аланарҵәеит  акандидатцәа ралхра апроцедуреи акритериқәеи ирызкны Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа.

Азакәан инақәыршәаны: а) Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩс далхзар ауеит Қырҭтәыла атәылауаҩ; б) Уаҩҧсык, ҩынтә инеишьҭаргыланы, Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩс иалхра ҟалом.

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧ азы кандидатс иқәгылар зҭаху ауааҧсыра арзаҳалқәа арҭар рылшоит  2022 шықәса цәыббра 29-нӡа.