Иахьа инаркны 150 000-ҩык раҟара атәанчуаа рыҧсахтә иақәу анаӡынатә хәҭа рыздырмаҷуеит
Иахьа инаркны 150 000-ҩык раҟара атәанчуаа рыҧсахтә иақәу анаӡынатә хәҭа рыздырмаҷуеит

Аҳәынҭқареи „Либерҭи банки” ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иахьа инаркны 150 000-ҩык раҟара атәанчуаа рыҧсахтә иақәу анаӡынатә хәҭа рыздырмаҷуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара инақәыршәаны, 2023 шықәсанӡа аҧхастә згаз атәанчуаа рыҧсахтә иақәыз анаӡынатә хәҭа ирмаҷны, 2023 шықәса инаркны ишьақәыргылоу анаӡынатә хәҭа иаҟарартәуеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ари аӡбара анагӡареи аконкреттә детальқәеи аус рыдулара нарыгӡоит „Либерҭи банки” Амилаҭтә банки.

Ари азҵаара ианахәаҧшуаз, аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, анеҩстәи аетап иаамҭаны иалагароуп, атәанчуаа аҭагылазаашьа ҿыц ахархәара рылшарц азыҳәан.