Атәанчуаа ироуа акредитқәа рнаӡынатә хәҭа апарламент аҿы иалацәажәоит
Атәанчуаа ироуа акредитқәа рнаӡынатә хәҭа апарламент аҿы иалацәажәоит

Атәанчуаа ироуа акредитқәа рнаӡынатә хәҭа Қырҭтәыла апарламент аҿы иалацәажәоит. Абри азҵаара алацәажәаразы афинанс-биуџьеттә комитет аилатәара мҩаҧысраны иҟоуп.

Акомитет аилатәарашҟа инеираны иҟоуп Қырҭтәла Амилаҭтә банки, «Liberty Bank»- и, Агәабзиарахьчара аминистрреи рхаҭарнакцәа.

Апартиа «Атәылауаа» адепутатцәа Алеко Елисашвилии Леван Иоселиании ргәаанагарала, атәанчуаа авансла атәанчахә анроуа анаӡына ду рымырхуеит, уи атәанчуаа рсоциалтә ҭагылазаашьа еицәанатәуеит.