Иракли Ҕарибашвили  - Атәанчуаа рзы анаӡынатә хәҭа даараӡа идуун, уажәшьҭа ари аганахьала алҵшәа бзиа ҳамоуп
Иракли Ҕарибашвили  - Атәанчуаа рзы анаӡынатә хәҭа даараӡа идуун, уажәшьҭа ари аганахьала алҵшәа бзиа ҳамоуп

Атәанчуаа рзы анаӡынатә хәҭа даараӡа идуун, ари аганахьала алҵшәа бзиа ҳамоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, анаӡынатә хәҭа 100% ианаҟаразгьы иҟан.

„Атәанчуаа рзы банктә наӡынатә хәҭа иадҳәаланы кыршықәса рыҩныҵҟа апроблемақәа иҟан. Атәанчауаа рзы анаӡынатә хәҭа даараӡа идуун. Ҳара анапхгарахьы ҳаиаанӡа анаӡынатә хәҭа 100% ианаҟаразгьы иҟан. Ҳаиҳабыра рхаан, ҳҽазышәара ду абзоурала, анаӡынатә хәҭа лаҟәхеит, аха, аҧсахтә иақәыз анаӡынатә хәҭа уезгьы идуун. Мызқәак раҧхьа ҳаҭыр зқәу Леван Давиҭашвили ари азҵаара аӡбара идысҵеит, иара аусуратә гәыҧ еиҿикааит.  Ҳаҭыр зқәу Зураб Азарашвилии Лаша Хуцишвилии ари апроцесс рҽаларгалеит, иара убас, аусуратә гәыҧ иалан апарламент аҿы иҟоу иашьашәалоу акомитет ахаҭарнакцәагьы. Алҵшәа бзиа ҳаухьеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.