Иахьа Финлиандиа ахада аофициалтә аҳәамҭа ҟаиҵоит атәыла НАТО алалара шаҭаху иазкны
Иахьа Финлиандиа ахада аофициалтә аҳәамҭа ҟаиҵоит атәыла НАТО алалара шаҭаху иазкны

Иахьа Финлиандиа ахада Саули Ниинисте  аофициалтә аҳәамҭа ҟаиҵоит атәыла НАТО алалара шаҭаху иазкны. Ари атәы аанацҳаит агентра  Reuters.

«Сышьҭымҭа еилкаауп — Финляндиа ахатә шәарҭадара еиқәнаршәоит. Уи аӡәгьы иҧырхагахом», — иҳәеит атәыла ахада.

1300 километр иаҟароу аҳәаала Урыстәыла иаҧну атәыла НАТО аҟны апартниорра арҕәҕәеит 2014 шықәсазы Урыстәыла ала Ҟрым аннексиа ашьҭахь. Аха, иахьа уажәраанӡа алианс алалара аҟынтә аҽааннакылон.

Финлиандиа инаваргыланы, хара имгакәа, абри аҩызаҵәҟьа азыҳәамҭа ҟанаҵоит Швециагьы.  Reuters адыррақәа рыла, НАТО алахәылацәа Финлиандиеи Швециеи ирласӡаны рыдкылара ргәы иҭоуп, уи абзоурала, аҩадатәи Европаҿ алианс аҳәаақәа иаҳа иҭбаахоит.