Иапониа аҧыза-министр иҳәамҭала, Владимир Путин Украина ажәыларазы адҵа ҟаиҵар, Иапониа Урыстәыла иаҿагылоу америкатә санкциақәа рҽаланархәоит
Иапониа аҧыза-министр иҳәамҭала, Владимир Путин Украина ажәыларазы адҵа ҟаиҵар, Иапониа Урыстәыла иаҿагылоу америкатә санкциақәа рҽаланархәоит

Иапониа аҧыза-министр иҳәамҭала, Владимир Путин Украина ажәыларазы адҵа ҟаиҵар, Иапониа Урыстәыла иаҿагыланы  Америкеи G7 аҳәынҭқаррақәеи ирыдыркыло асанкциақәа рҽаланархәоит. Ари атәы ааицҳаит Иапониа аҧыза министр Фумио Кисида.

Иара иҳәамҭала, Урыстәыла ала Украина асператисттә регионқәа рызхаҵара – жәларбжьаратәи зин аилагароуп, Иапониа уи изақәшаҳаҭхом, иџьбароу аҭак аҟаҵара иазыхиоуп.

Аҩны шкәакәаҿ ишаарыцҳаз ала, иацы Москва ирыдыркылаз аӡбара иаҭакны, иахьа Баиден иадминистрациа  асанкциақәа ҿыцқәа ирызкны аҳәамҭа аҟаҵара ргәы иҭоуп.