Иаго Хвичиа Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь ихатә кандидатура ықәиргылеит
Иаго Хвичиа Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь ихатә кандидатура ықәиргылеит

“Гирчи” ахьӡала Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь схатә кандидатура ықәсыргылоит, апартиақәа шәсыдгыларц сшәыҳәоит,” – иҳәеит “Гирчи” алахәыла Иаго Хвичиа апарламент апленартә аилатәара аҿы.

“Жәлар рыхьчаҩ имоу аҭакԥхықәреи ари аинститут абиуџьет аҟынтә афинансркреи  иазыԥхьагәаҭаны, уи атәылаҿ ак ахылаԥшра илшоитҳәа сгәы иаанагом. Аӡәгьы игәра ҳгом, аха ари апроцесс аманшәаларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Убри аҟынтә  “Гирчи” ахьӡала Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь схатә кандидатура ықәсыргылоит, апартиақәа шәсыдгыларц сшәыҳәоит”, – иҳәеит Хвичиа.