Иԥсҭазаара далҵит ԥасатәи Римтәи папа Бенедикт XVI
Иԥсҭазаара далҵит ԥасатәи Римтәи папа Бенедикт XVI

95 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аемеритус Римтәи папа Бенедикт XVI. Иашьашәалоу аҳәамҭа аладырҵәеит Ватикан аҟынтә.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Бенедикт 16-тәи игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьахеит. Ашәахьаҽны, анцәаимаҵзураан Римтәи папа Франциск ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟиҵеит аеперитус папа игәабзиаразы иныҳәарц.

Бенедикт 16-тәи акатоликтә уахәама 2005-2013 шықәсқәа рзы дахагылан. Уи 600 шықәса ирылагӡаны инапынҵақәа шьҭазҵаз раԥхьаӡатәи папа иакәын. Иԥсы ахьынӡаҭаз уи Ватикантәи берҭыԥк аҿы дынхон.