Гудаури сааҭкала 1800ҩык апассаџьырцәа рымҩангара зылшо  ашахамҩа ҿыц дыргылараны иҟоуп
Гудаури сааҭкала 1800ҩык апассаџьырцәа рымҩангара зылшо  ашахамҩа ҿыц дыргылараны иҟоуп

«Гудаури сааҭкала 1800ҩык апассаџьырцәа рымҩангара зылшо, 2800 метр аура зауа   ашамҩа ҿыц аргылара ҳгәы иҭоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала,  Гудаури ашьхашәаҩатә 2 трассак  иҧсабаратәым асы рықәырҵоит.

«Гудаури сааҭкала 1800ҩык апассаџьырцәа рымҩангара зылшо, 2800 метр аура зауа   ашахамҩа ҿыц аргылара ҳгәы иҭоуп. Иара убас, ашьхашәаҩатә 2 трассак  иҧсабаратәым асы рықәаҳҵоит. Уи абзоурала, ҳтәылауаа мацара ракәымкәа, атуристцәагьы аҧсшьара иаҳа ирзыманшәалахоит», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.