Гудаури аофициалла аадыртит аӡынтәи ашьха-шәаҩатә сезон
Гудаури аофициалла аадыртит аӡынтәи ашьха-шәаҩатә сезон

«Сынтәа аӡынтә сезон азы ибзиаӡаны ҳазыҟаҵоуп, аинфраструктура ҿыц еиқәыршәоуп. Аҳәынҭқарра аӡынтә курортқәа ринфраструктура аҿиара аҧара ду аланаҵеит», — иҳәеит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили Гудаури аӡынтә сезон ҿыц аартра ацеремониаҿы.

Леван Давиташвили  Қырҭтәыла аӡынтә курортқәа рырҿиаразы имҩаҧгаз аусура далацәажәеит.

Гудаури асасцәа  ирзеиқәыршәоуп иҵегьы   2 шахамҩак  – 1249-и 1369-и метр аура змоу, арҭ ашахамҩақәа сааҭк ала 1800 – 2400ҩык апассаџьырцәа рымҩангара алшоит. Иара убас, ашьха-шәаҩатә трассақәа аханатә ирҽеиуп.

Сынтәа Гудаури аиқәырхаратә хыбра ҿыц иргылоуп.

Гудаури аинфраструктура аиҭашьақәыргылара апроект иазоушьҭуп  70 млн. лари.