Ахада лыӡбара ала, Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз "Атәылауаҩратә гәымшәаразы" амедалқәа ранашьоуп
Ахада лыӡбара ала, Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз "Атәылауаҩратә гәымшәаразы" амедалқәа ранашьоуп

Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз “Атәылауаҩратә гәымшәаразы” амедалқәа ранашьоуп. Ари атәы аанацҳаит ахада ладминистрациа.

„Қырҭтәыла Ахада лыӡбара ала, ԥхынгәы 29 рзы Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз Леван Чохелии Заза Лориеи, Дима Қааӡеи, Андро Қуџьошвилии, Каха Торчинавеи Гиорги Маргиании Қеҭи Гулагашвилии Гиорги Винецкии “Атәылауаҩратә гәымшәаразы” амедалқәа ранашьоуп“, – иануп аинформациа аҿы.