Қырҭтәыла ахада иҭыҧаз Михаил Ҟавелашвили икандидатура иқәдыргылеит
„Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгара Қырҭтәыла ахада иҭыҧаз Михаил Ҟавелашвили икандидатура иқәдыргылеит. Апарламенттә аиҳареи апартиа аполитхеилаки реилатәара ашьҭахь „Ақырҭуа гәахәтәы“ аофис хадаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили.
Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла 11-тәи ааҧхьара апарламент далахәып. 2016–2020 шықәсқәа рзы апарламент далахәын „Ақырҭуа гәахәтәы — адемократиатә Қырҭтәыла“ аблок аҟынтә. 2022 шықәсазы Михаил Ҟавелашвили, Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи дрыцны, „Ақырҭуа гәахәтәы“ далҵын, апартиа „Ажәлар рымч“ далалеит. 2024 шықәса хәажәкыра 20 инаркны ари апартиа аполитикатә маӡаныҟәгаҩуп.
Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла амилаҭтә аизга далахәын. 1988–1995 шықәсқәа рзы „Қарҭтәи Динамо“ аҿы дыхәмаруан. Хынтә Қырҭтәыла ачемпионс дҟалеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы „Манчестер-сити“, „Грасҳофер“, „Циурих“, „Луцерн“ уҳәа, адунеи иреиҕьу акомандақәа рҿы дыхәмаруан. Швеицариатәи азыҟаҵаратә аҵара C акатегориа алицензиеи, иара убас, – УЕФА азыҟаҵаратә аҵара В акатегориа алицензиеи имоуп. 2009 шықәсазы Қырҭтәылаҿ адунеитә шьапылампыласҩцәа реидгыла (FIFPro) ашьаҭакҩыс, иара убас, ахаҭыртә ахадас дҟалеит.
Қырҭтәыла ахада иалхрақәа мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 14 рзы. Атәыла ахада далырхуеит апарламентаҿ, лымкаала, Қырҭтәыла ахада, 5 шықәса аҿҳәара иҭаны, далырхуеит алхратә коллегиа алахәылацәа, иаарту абжьыҭира аҧҟарала.