Гиви Миқанаӡе – Иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп -  2028 шықәсанӡа апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахом 
Гиви Миқанаӡе – Иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп -  2028 шықәсанӡа апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахом 

Амониторингтә комитет еиқәнаршәаз адокумент апроект аҿы алхрақәеи урҭ рышьҭахь иҟалаз ахҭысқәеи ирыдҳәаланы  иарбоу аинформациа ииашам, уи мцуп, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәыла Гиви Миқанаӡе.

Иара иажәақәа рыла, ахатә политикатә хықәкқәа змоу аконкреттә мчқәак Апарламенттә Ассамблеиа шьаҭас иамоу ахадаратә принципқәа ирыҕрагылар рҭахуп.

Гиви Миқанаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аделегациа, алхрақәа раан аилагара дуқәа иҟазшәа  иаарҧшу агәаанагара иақәшаҳаҭым. Иара убас, Миқанаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәылаҿ аполитбаандаҩцәа иҟам.

„Ишыздыруа еиҧш  27ҩык рзы аконкреттә ашьауҕатә усқәа хьацыркуп, аусеилыргара мҩаҧысуеит. Дарбанзаалак ауаҩы, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы, азинхьчаратә органқәа русура пату ақәҵара ируалуп,“ – иҳәеит Миқанаӡе.

„Ҳара акомитеттә алацәажәара, анеҩс, Апарламенттә Ассамблеиа аӡбара  ҳазыҧшыроуп. Ари аӡбара инақәыршәаны, Қарҭ аконсультациақәа мҩаҧганы, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҟны аусеицура шынаҳагӡаша ҳазбоит. Иарбанзаалак арезолиуциа, иҩбоу астандартқәа уҳәа, ҳтәылеи ҳажәлари рҿаҧхьа иҳаду аҭакҧхықәра аилагала ҳадызцалаша акгьы иҟам.  Иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп –  2028 шықәсанӡа апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахом.  Аусеилыргара ҳалацәажәозар, аусеилыргаратә усбарҭақәа русура пату ақәырҵааит, аҿҳәарақәа азакәанҧҵарала ишьақәыргылоуп, апроцессқәа шымҩаҧысуа ҳбап, заанаҵы аҳәамҭақәа рыҟаҵара иаҟәыҵроуп“, – иҳәеит Миқанаӡе.